Владислав Арӡынба ҳаҭырла дыргәаладыршәарц арахь иааит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, Ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, Апарламент адепутатцәа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, аибашьра аветеранцәа, иҭахаз рыуацәеи рҭынхацәеи, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.
Аԥсны Актәи Ахада ҳаҭырла дыргәаладыршәеит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраҟны Аиааира агара Амш 30-шықәса ахыҵра иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рылахәхарзы иааз аделегациақәа рхаҭарнакцәа.